Шьалуа  Папуашвили – Бровары агежьҧрыга акаҳараан иҭахаз ауаа руацәа срыдашшылоит
Шьалуа  Папуашвили – Бровары агежьҧрыга акаҳараан иҭахаз ауаа руацәа срыдашшылоит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Бровары агежьҧрыга акаҳараан иҭахаз ауаа руацәа дрыдашшылеит.

Папуашвили иажәақәа рыла, Украина арыцҳара ду иақәшәеит.

«Бровары, ахәыҷбаҳча ааигәара агежьҧрыга акаҳараан иҭахаз ауаа руацәа гәыкала срыдашшылоит. Украина арыцҳара ду иақәшәеит. Ахәыҷқәеи аахақәа заузи рзы сныҳәоит. Ирласӡаны абзиахара рзеиҕьасшьоит», — иҩит Шьалуа Папуашвили  «Твиттер» аҿы.