Шьалуа Папуашвили Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан дылҧылеит
Шьалуа Папуашвили Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан дылҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан дылҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа апарламент ахантәаҩы НАТО аштаб-уадаҿы ивизит алҵшәақәеи  НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧыларақәеи ирылацәажәеит.

Иара убас, аиҧылараҿы иазаҭгылеит уажәазы атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи, аполитикатә процессқәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи.

Аинформациа аланарҵәеит апарламент апресс-маҵзура.