Сергеи Лавров – Урыстәыла ахатә гәылацәа ирыдҳәаланы агрессиатә планқәа амамызт, уажәгьы иамам, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа инагӡахоит
«Урыстәыла ахатә гәылацәа ирыдҳәаланы агрессиатә планқәа амамызт, уажәгьы иамам, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа инагӡахоит», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров жәларбжьаратәи афорум «Примаков иҧхьарақәа» аҿы данықәгылоз.
Лавров ишиҳәаз ала, Урыстәыла ахатә гәылацәа ирыдҳәаланы агрессиатә планқәа амоуп ҳәа Мраҭашәараҿ ирҳәо зегьы мцуп.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, Пентагон анапхгаҩы Ллоид Остин ихаҭа иҳәеит Америка Украина иацымхраар, Урыстәыла аиааира агоит, нас, агәылара иҟоу атәылақәа иржәылоит ҳәа.
Лавров игәаанагарала, аколлективтә Мраҭашәара атәылақәа жәларбжьаратәи аколлективтә шәарҭадара арбгара рҽазыркит, ари ахықәкы анагӡаразы, Урыстәыла аҿагылара амзызла, Украина рхы иадырхәоит.