«Америка Урыстәыла иаҿагыланы Украинаҿ иқәҧоит», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, Америка хықәкыс иамоуп астратегиатә ганахьала Урыстәыла аҵархара.
«Украина акыраамҭа азыҟарҵон уи анапала, уи аҧсыбаҩқәа рыла астратегиатә ганахьала Урыстәыла аҵархаразы. Дара ирҳәозаалакгьы, дара роуп ари аибашьра анапхгара азызуа, дара роуп Украинаҟа абџьари аџьаҧҳани назго, аҧшыхәратә дыррақәа еизызго — дара иаҳҿагыланы еибашьуеит», — иҳәеит Лавров.