Себастиан Молинеус – Қырҭтәыла зҵакы дуу шаҟа реформақәа мҩаҧгоу анызба сгәы иаахәеит
Қырҭтәыла зҵакы дуу шаҟа реформақәа мҩаҧгоу анызба сгәы иаахәеит, — иҳәеит Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан Молинеус Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧылоз.
Молинеус ишиҳәаз ала, арегион аҿгьы адунеи аҿгьы Қырҭтәыла аглобалтә лидер ироль нанагӡоит.
Иракли Ҕарибашвилии Себастиан Молинеуси Қырҭтәылеи Адунеи абанки еицынарыгӡо, иара убас, аплан иарбоу апроектқәеи апандемиа аан Адунеи абанк Қырҭтәыла иазоунашьҭыз ацхыраареи иалацәажәеит.
Ҷыдала иазгәаҭан апандемиа аҿагыларазы Адунеи абанк Қырҭтәыла иазаанарҧшыз адгылара.
Аҧыза-министр Себастиан Молинеус ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны қәҿиарала аусеицуразы, иара ишазгәеиҭаз ала, Адунеи абанк Қырҭтәыла еиуеиҧшым аекономикатә секторқәа рҿиара иалахәып.
Аиҿцәажәара аан ишазгәаҭаз ала, амикро наплакқәеи абжьаратә наплакқәеи рырҕәҕәара иазкыз апроектқәа Қырҭтәыла аекономикеи ақырҭуа бизнеси аиҭашьақәыргылара иацхрааит. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Европеи Азиеи рыбжьара атранспорттәи алогистикатә центрс иҟалар аҭахуп, убри аҟынтә, арегионалтә аҿиара иазку апроектқәа аиҳабыра рзы аҵакы ҷыда рымоуп, ари аганахьала Адунеи абанк аҟынтә атәыла иаиуа ацхыраара аҵакы ду амоуп.