Сақстат - 2022 шықәса ахԥатәи аквартал аҿы атәым инвестициақәа 745.3 миллион доллар иаҟароуп
Сақстат - 2022 шықәса ахԥатәи аквартал аҿы атәым инвестициақәа 745.3 миллион доллар иаҟароуп

Астатистика амилаҭтә биуро аинформациа ала, заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2022 шықәса ахԥатәи аквартал аҿы ишиашо атәым инвестициақәа 745.3 миллион америкатә доллар иаҟароуп, ари арбага 2021 шықәса ахԥатәи аквартал аҿы иҟаз арбага аҵкыс ҩынтә еиҳауп

Сақстат адыррақәа рыла, 2022 шықәса ахԥатәи аквартал аҿы акциатә капитал, ҵыԥхтәи иашьашәалоу апериод аасҭа, фынтә еиҳан, 2226 миллион америкатә доллар иаҟарахеит.

Сақстат адыррақәа рыла, Қырҭтәылаҿ ишиашо аинвестициақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылоит Испаниа – 165.9 миллион доллар, ари ишиашо атәымтә инвестициақәа 22.3% иаҟароуп, аҩбатәи аҭыԥ  – Еидҵоу акралра – 122.9 миллион америкатәи доллар (16.5%), ахԥатәи аҭыԥ – Ирландиа – 120.3 миллион доллар (16.1%).