Сақстат - Евроеидгыла аметодологиала аԥхьаӡара ашьҭахь, ажьырныҳәазы аинфлиациа 9.5% иаҟаран
Сақстат - Евроеидгыла аметодологиала аԥхьаӡара ашьҭахь, ажьырныҳәазы аинфлиациа 9.5% иаҟаран

Астатистика амилаҭтә маҵзура сынтәа, ашықәс алагара инаркны аиндикатор ҿыц – ахархәаратә ахә агармонизациатә индекс аларҵәара алагеит. Ари аметодологиала, 2023 шықәса ажьырныҳәазы аинфлиациа 9.5% иаҟаран, ари амилаҭтә методологиала иԥхьаӡахз 9.8% рацкьыс 0.3% рыла имаҷуп.

Евроеидгыла  HICP аметодологиала, хазы акомпонентқәа абас ала иԥхьаӡан: афатә аалыҵи  арыжәтәқәеи – 15.6%%; алкогольтә рыжәтәқәеи аҭаҭыни – 9.5%; ацәҩычақәеи ашьаҵатәқәеи – – -0.4%; анхарҭа, аӡы, афымцалашара, агаз – 14.4%; аҩнымаҭәааҩны арҽеира – 9.3%; агәабзиара ахьчара – -4.7%; атранспорт – 4.9%;аимадара –  -0.2%; аԥсшьара, акультура –  4.2%; аҵара – 6.8%; асасааирҭақәа, акафеқәа, аресторанқәа– 13.6%; еиуеиԥшым амаҭәарқәа, амаҵзура – 13.6%.