Сақстат -  Абҵаразы шықәсыктәи аинфлиациа 1.3% иаҟаран
Сақстат - Абҵаразы шықәсыктәи аинфлиациа 1.3% иаҟаран

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррала, 2024 шықәса абҵаразы Қырҭтәыла аинфлиациа аҩаӡара ҧасатәи амза аасҭа 0.7% иаҟарахеит, аинфлиациа шықәсыктәи арбага  –  1.3%.

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррала, ҵыԥхтәи апериод еиҿҳарԥшыр, 2024 шықәса абҵаразы ари арбага 1.6% иаҟаран, аҭаҭын аламҧхьаӡакәа абазатә инфлиациа шықәсыктәи арбага 1.6 % иаҟароуп.

Астатистикатә маҵзура адыррала,  ауҭраҭыхә ахә 17.9% рыла иазҳаит, ачеи ачалыхи – 0.7 %-ла, аԥсыӡ – 2.6%, ахши ашәи акәтаҕьи  —  1.0%,  аӡҵәҵәи алкоголь злам арыжәтәи ашәырӡи  — 1.9 %,  ашьақари аџьемқәеи егьырҭ ахаатәқәеи  — 3.4%, азеҭи ахәшеи – 3.3%.