Сақстат –Ажьырныҳәа-абҵаразы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Кыргызстанҟа, аимпорт - Ҭырқәтәыла аҟынтә
Астатистика амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2024 шықәсзы, Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы аекспорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 81,7% иаҟаран.
Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа инақәыршәаны, Кыргызстан актәи аҭыҧ ааннакылоит, ари атәылашҟа Қырҭтәылантә идәықәҵан 1 166,1 миллион адоллар рыхә аекспорт, аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Казахстан – 795,4 миллион адоллар, ахҧатәи аҿы Азербаиџьан — 664,4 миллион адоллар.
Аимпорт аганахьала, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы аимпорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 70,0% иаҟаран. Аҧхьагылара рымоуп Ҭырқәтәыла – 2 500,9 миллион адоллар, ЕАШ — 1 828,5 миллион адоллар, Урыстәыла — 1 635,5 миллион адоллар.
Иара убас, Амилаҭтә астатистикатә маҵзура аинформациа ишану ала, 2024 шықәсазы, аекспорттә категориақәа рыгәҭа аҧхьагылара рымоуп амашьына ласқәа, атәыла иалган 2 218,9 миллион адоллар рыхә амашьынақәа, уи аекспорт наӡа аҟынтәи 36,9%-оуп.