Сақстат – 2025 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыразы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Кыргызстанҟа, аимпорт - ЕАШ рҟынтә
Сақстат – 2025 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыразы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Кыргызстанҟа, аимпорт - ЕАШ рҟынтә

Астатистика амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2025 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыразы,  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы аекспорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 78.1% иаҟаран.

Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа инақәыршәаны, аекспорт ахьыҟаҵаз атәылақәа рыбжьара актәи аҭыҧ ааннакылоит Кыргызстан,  ари атәылашҟа Қырҭтәылантә идәықәҵан  298.6  миллион адоллар рыхә аекспорт,  аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Казахстан – 176.2 миллион адоллар, ахҧатәи аҿы Азербаиџьан  — 140.3 миллион адоллар.

Аимпорт аганахьала, 2025 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыразы,  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы  аимпорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 73.2% иаҟаран. Аҧхьагылара рымоуп ЕАШ — 654.4 миллион адоллар, Ҭырқәтәыла  –  587.3  миллион адоллар, Урыстәыла  —  512.9 миллион адоллар.

Иара убас, Амилаҭтә астатистикатә маҵзура аинформациа ишану ала, 2025 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыразы, аекспорттә категориақәа рыгәҭа аҧхьагылара рымоуп амашьына ласқәа, атәыла иалган  500.7 миллион адоллар рыхә амашьынақәа, уи аекспорт наӡа аҟынтәи 35.7%-оуп.