Сақстат – 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рзы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Кыргызстанҟа, аимпорт - ЕАШ рҟынтә
Сақстат – 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рзы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Кыргызстанҟа, аимпорт - ЕАШ рҟынтә

Астатистика амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рзы,  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы аекспорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 80.2% иаҟаран.

Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа инақәыршәаны, аекспорт ахьыҟаҵаз атәылақәа рыбжьара актәи аҭыҧ ааннакылоит Кыргызстан,  ари атәылашҟа Қырҭтәылантә идәықәҵан 450.0  миллион адоллар рыхә аекспорт,  аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Казахстан – 258.4 миллион адоллар, ахҧатәи аҿы Азербаиџьан  — 215.1 миллион адоллар.

Аимпорт аганахьала, 2025 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыразы,  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы  аимпорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 72.7% иаҟаран. Аҧхьагылара рымоуп ЕАШ — 881.2 миллион адоллар, Ҭырқәтәыла  –  814.2 миллион адоллар, Урыстәыла  —  669.6 миллион адоллар.

Иара убас, Амилаҭтә астатистикатә маҵзура аинформациа ишану ала, 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рзы, аекспорттә категориақәа рыгәҭа аҧхьагылара рымоуп амашьына ласқәа, атәыла иалган  753.9 миллион адоллар рыхә амашьынақәа, уи аекспорт наӡа аҟынтәи 37.4%-оуп.