Сақстат - 2022 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара иазҳаит 38.0% рыла
Сақстат - 2022 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара иазҳаит 38.0% рыла

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 22022 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара 3 866.8 миллион америкатә доллар иаҟароуп,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс  38.0 % рыла еиҳауп.

«Сақстат» адыррақәа рыла, иарбоу арыцхә аҟынтә 1 171.8  млн. адоллар аекспорт ауп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 43.3% рыла еиҳауп), аимпорт – 2 695.0 млн. адоллар иаҟароуп ( ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 35.8% рыла еиҳауп).