Сақстат - 2022 шықәса ажьырныҳәа-жәабран рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара иазҳаит 49.3% рыла
Сақстат - 2022 шықәса ажьырныҳәа-жәабран рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара иазҳаит 49.3% рыла

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа-жәабран рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара 2 542.1  миллион америкатә доллар иаҟароуп,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 49.3% рыла еиҳауп.

«Сақстат» адыррақәа рыла, иарбоу арыцхә аҟынтә 760.4 млн. адоллар аекспорт ауп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 54.5% рыла еиҳауп), аимпорт – 1 781.7 млн. адоллар иаҟароуп ( ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 47.2% рыла еиҳауп).

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура аинформациа ала,2022 шықәса ажьырныҳәа-жәабран рзы Қырҭтәыла адәныҟахәаахәҭратә аикәшара аӡы идуӡӡоу апартниор жәа-тәылак рыхәҭаа 67.3% иаҟароуп. Атәыла идуӡӡоу партниор-тәылақәа иреиуоуп Ҭырқәтәыла  – 354.4 миллион  америкатә доллар, Урыстәыла – 274.6 миллион америкатә доллар, Азербаиџьан – 248.8 миллион америкатә доллар.