Ажьырныҳәа – нанҳәазы атауарқәа рыла адәныҟахәаахәҭратә аикәшара иазҳаит  22,3%-ла
Ажьырныҳәа – нанҳәазы атауарқәа рыла адәныҟахәаахәҭратә аикәшара иазҳаит  22,3%-ла

 

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, ажьырныҳәа – нанҳәазы Қырҭтәыла атауарқәа рыла адәныҟахәаахәҭратә аикәшара 8 683,5  миллион адоллар иаҟароуп,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс   22,3%-ла еиҳауп.

«Сақстат» адыррақәа рыла, иарбоу арыцхә аҟынтә  2 610,8 млн. адоллар аекспорт ауп.

Қырҭтәылазы идуӡӡоу ахәаахәҭратә партниорцәа роуп: Ҭырқәтәыла  — 1 286,9 миллион адоллар,  Урыстәыла  — 1011,9 млн. адоллар,  Китаи — 941,3 млн. адоллар.