Саломе Зурбишвили - Сагареџьо иҟалаз арыцҳараан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа срыдашшылоит
Саломе Зурбишвили - Сагареџьо иҟалаз арыцҳараан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа срыдашшылоит

Сагареџьо иҟалаз арыцҳараан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа срыдашшылоит, – иазгәаҭоуп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурбишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿ.

Саломе Зурбишвили лажәақәа рыла, ирыцҳаразаз абсурдтә хҭыс ауаа рацәаны иалаӡеит.

“Ари иабсурду хҭысуп, ари арыцҳара дууп. Иахьазы адунеи аҿы арыцҳарақәа рацәоуп. Қырҭтәылаҿ ари ҟалашьа амазаауам ҳәа сгәыӷуан. Аха ари арыцҳара ҳа ҳҿгьы ҟалеит. Сагареџьо иҟалаз арыцҳараан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа срыдашшылоит, срыдашшылоит фырхаҵарала иҭахаз аполициа аусуҩ иҭаацәара алахәылацәа”, – иануп ахада лҳәамҭа аҿы.

Иацы, Сагареџьо, аҩнеихагыла дук аҟынтә ахаҵа автоматтә хымцабџьарла ахысра далагеит. Иҭахеит хәҩык, ахәрақәа роуит хәҩык. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь агәыԥ ҷыда хаҭарнакцәа инеиаанӡа, ацәгьоуҩы иҽишьит.