„Урыстәылатәи амарионет агентцәа қарҭтәи амҩақәа рҿы хықәкыла изҿагыло Европеи европатәи аидеалқәеи роуп. Европа, уҿых“, – асоциалтә ҳаҿы илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Феисбук аҿы аларҵәара зауз аҳәамҭаҿ Европеи Америкеи рҿы иҟоу атәылауаа рахь ааԥхьара ҟалҵеит. Зурабишвили урҭ дрыҳәоит рпозициа еилыкка аадырԥшырц.
„Европеи Америкеи рҿы иҟоу атәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, шәҿыха.
Шәпозициа аашәырԥшыроуп аурыс стиль ала аоперациа ҷыда амҩаԥгара иазкны. Аԥсадгьыл ҭынчроуп ҳәа аҿымҭра ҟалом. Европа ибзиоуп, аха уи шәара мацара ишәтәуп ҳәа аҳәара ииашам.
Шәпозициа аашәырԥшыроуп, апрессаҿ, ателехәаԥшраҿ, ацҳаражәҳәарҭақәа раԥхьа, асоциалтә ҳаҿы, ма шәхынҳәы, шәыуаажәлар шәрыдгыл”,- илҩит Зурабишвили.