Саакашвили идгылаҩцәа Октиабртәи ахан иажәлеит
Саакашвили идгылаҩцәа Октиабртәи ахан иажәлеит

Киев агәҭа игылоу Октиабртәи ахан аҩналарҭа ашә ԥҽны Михаил Саакашвили идгылаҩцәа аҩныҵҟа иҩналеит. Активистцәа ашә ԥырҽит, аҩныҵҟа иҩназ амилаҭтә гвардиа аруаа рхы иамырхәакәа аҩныҵҟа иҩналеит. Активистцәа рҿагыларазы азинхьчаратә органқәа рхы иадырхәеит амцарцәагақәа.
Ажәылараан аԥжәарақәа иҟалаз ирыхҟьаны ааха роуит ааигәа иҟақәаз ауаа. Аахақәа роуит иара убасгьы аҿагылара амҩаԥгаҩцәа. Амедицина аусзуҩцәа урҭ ацхыраара рырҭоит.