Responsible Statecraft – Европатәи аҳәынҭқаррақәа ОБСЕ ахантәаҩы-тәыла аҭыҧаз Қырҭтәыла акандидатура аҿагылара иаҟәыҵроуп, мамзар, 2027 шықәсазы ари аиҿкаара анапхгарада иаанхар ауеит
Европатәи аҳәынҭқаррақәа ОБСЕ ахантәаҩы-тәыла аҭыҧаз Қырҭтәыла акандидатура аҿагылара иаҟәыҵроуп, мамзар, 2027 шықәсазы ари аиҿкаара анапхгарада иаанхар ауеит. Ҧасатәи британиатәи адипломат Иан Прауд ари атәы иҩит аҭыжьымҭа Responsible Statecraft аҿы икьыҧхьыз истатиаҿы.
Автор иажәақәа рыла, Қырҭтәыла акандидатура иақәшаҳаҭым 14 европатәи аҳәынҭқаррақәа, аха, дара конкретла претензиақәас ирымоу рҳәом.
Убри аамҭазы, Ҭырқәтәыла Кипр акандидатура иаҿагылоит, убри амшала, аиҿкаараҿы ахантәаҩра азҵааразы изеиқәшаҳаҭымхеит.
«Европатәи аҳәынҭқаррақәа ОБСЕ ахантәаҩы-тәыла аҭыҧаз Қырҭтәыла акандидатура аҿагылара иаҟәыҵроуп, мамзар, 2027 шықәсазы ари аиҿкаара анапхгарада иаанхар ауеит», — иҩит Прауд.
Астатиаҿы автор Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикагьы далацәажәоит. Иара игәаанагарала, гәҽанызарала Урыстәыла азныҟәареи 2008 шықәсатәи аибашьра аҧышәеи ОБСЕ аҿы ахантәаҩра бзиа азыҳәан аҵакы ду рымазар ҟалап.
«Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рҿы Қырҭтәыла инанагӡо иуадаҩӡоу агеополитикатә баланс абзоурала, ари атәыла ОБСЕ ахантәаҩы бзиас иҟалар алшоит», — иҩит ҧасатәи британиатәи адипломат.
Қырҭтәыла даҽа еибашьрак иахысыр аҭахым, убри амшала Қырҭтәыла Урыстәыла иадгылоит ҳәа аҳәара ииашам, уи гаӡароуп», — иҩит Прауд.
Астатиаҿы иара Қырҭтәыла имҩаҧгаз ареформақәеи атәыла аекономикатә азҳареи ибзианы дрыхцәажәоит, иара игәаанагарала, уи алагьы иубарҭаоуп атәыла аинституциатә алшарақәа шдуу. Прауд иаҵшьны иазгәеиҭеит 2026 шықәса мшаҧымзазы Қырҭтәыла, ашәарҭадара аусхкы аҿы аусеицура иазку ОБСЕ Афорум анапхгаҩыс ишыҟалаз.