Иран, адронқәа рыла, Бахреин игылоу америкатә арратә база иаахеит
Иран, адронқәа рыла, Бахреин игылоу америкатә арратә база иаахеит.
Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус (IRGC) аҳәамҭа ишану ала, дара хықәкыс ирыман Баҳреин игылоу америкатә арратә база Аль-Рифа аҿы арадиолокациатә пункт ақәхра. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь баҳреинтәи арратә маҵзуҩцәа ишаарыцҳаз ала, атәыла аҳаирхьчаратә системақәа заанаҵы адронқәа аарҧшны, икарыжьит.
Баҳреин Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ирантәи ажәыларақәа ҕәҕәала ирықәыӡбан, аҭакҧхықәра зегьы Тегеран иадырҵеит.