Китаи Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишьақәдырҕәҕәеит Азиа-Аокеан ҭынч аекономикатә усеицура асаммит аҿы Си Ӡиньпин Дональд Трампи Владимир Путини дшырҧыло

10:56, 16.11.2026

Китаи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Шенҷен имҩаҧысуа Азиа-Аокеан ҭынч аусеицура асаммит аҿы Китаи ахада Си Ӡиньпин Америкеи Урыстәылеи рхадацәа, Дональд Трампи Владимир Путини дырҧылоит.

„Абҵара 19 рзы ахада Си Ӡиньпин, Шенҷен, ахада Владимир Путини ахада Дональд Трампи дырҧыланы, Китаи-Урыстәыла -Америка асаммит мҩаҧигоит“, – иануп аминистрра адырраҿы.

Ари аинформациа шьақәирҕәҕәеит Кремль апресспикер Дмитри Песковгьы.

Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков ишиҳәаз ала, Москва агәыҕра ду рымоуп ари аиҧылара жәларбжьаратәи аҭагылазаашьазы ибзианы ианыҧшып ҳәа.

Азиа-Аокеан ҭынч аекономикатә усеицура асаммит Шенҷен имҩаҧысуеит абҵара  18-19 рзы.

Еиԥшу