Мака Боҷоришвили аофициалтә визитла Катар даҭааит
Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили аофициалтә визитла Катар даҭааит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, авизитаан Мака Боҷоришвили Катар аҧыза-министри адәныҟатәи аусқәа рминистри, ашеих Муҳамад бин Абдулраҳман Аль-Ҭани, иара убас, Катар анапхгареи абизнесгәыҧәеи рхаҭарнакцәеи дырҧылоит.