Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла Евроеидгыла арҭбаара афоруми аимадара аминистериали рахь иахәҭоу аҩаӡараҟны ааҧхьара амоуит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла ахаҭарнак арҭ аусмҩаҧгатәқәа ихы рылеихәом
Абҵара 16 рзы Бриуссель имҩаҧысраны иҟоу аусмҩаҧгатәқәа, урҭ рыгәҭа аимадара аминистериалгьы, рҽалархәразы Қырҭтәыла иахәҭоу аҩаӡараҟны ааҧхьара амоуит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла ахаҭарнак арҭ аусмҩаҧгатәқәа ихы рылеихәом, – ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
„Қырҭтәыла, ҧасеиҧш, Евроеидгылаҟны аконструктивтә усеицура иазҿлымҳауп, иахәҭоу аҩаӡараҟны ааҧхьара аиур, аусмҩаҧгатәқәа рылахәызаара иазыхиоуп. Бриуссель ари атәы рдыруеит“,- ирҳәеит аминистрраҿы.
Иахьа Бриуссель Евроеидгыла арҭбаара афоруми аимадареи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы аминистериали мҩаҧысуеит.