Реџьеп Таип Ердоӷан ишааицҳаз, Нато алалараз Швециа Ҭырқәтәыла адгылара иазыԥшымроуп
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан ишааицҳаз, Нато алалара азҵаараҿ Швециа Ҭырқәтәылантә адгылара азыԥшымроуп. Ари аҳәамҭа Ердоӷан ҟаиҵеит Стокгольм, Ҭырқётәыла ацҳаражәҳәара аԥхьа имҩаԥгаз акциаҿ аҟәырҟан анырблы ашьҭахь.
„Ҳацҳаражәҳәара аԥҳьа абри еиԥш агәнаҳара зин азҵаз Нато алалара азҵаараҿ ҳадгылара азымԥшыроуп. Швеци анапхгара азинқәеи ахақәиҭреи ирызкны ҳмацәажәароуп. Азинқәеи ахақәиҭрақәеи иҵабыргны пату рықәышәҵохар, раԥхьаӡа иргыланы Ҭырқәтәылатәи ареспуликеи аԥсылманцәа рдини пату рықәышәҵароуп. Ари шәылымшозар, ҳара ҳадгыларагьы ижәбом”, – иазгәеиҭеит Ердоӷан.
Стокгольм иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәара аԥхьа аҿагыларатә акциа арӷьаратәи аексртемист Расмус Палуден мҩаԥиган, аҟәырҟан иблит. Ари иахҟьаны Ҭырқәтәыла Швециа атәылахьчара аминистр Пол Ионсон ивизит аԥнахын, Швециа ацҳаражәҳәаҩ Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рмнистррахь даарыԥхьеит.
Швециеи Финлиандиеи Нато ралалара аӡбаразы Ҭырқәтәыла аратификациа рмоуит.