Рати Брегаӡе  Ильҳам Алиев диҧылеит
Рати Брегаӡе  Ильҳам Алиев диҧылеит

Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе Азербаиџьан ахада  Ильҳам Алиев диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә усеицура аҿиара апроцесс аҿы атәылақәа риустициа аминистррақәа рроль иалацәажәеит.

Азербаиџьан ахада 2 тәылак риустициа аминистррақәа ирыбжьарҵаз Аусеицура амеморандум ибзианы дахцәажәеит.  Ильҳам Алиев  апроектқәа реицнагӡара иазку аинициативала дықәгылан, иаҵшьны иазгәеиҭеит ари аус аҿы аминистррақәа дышрыцхраауа.

Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра апресс-маҵзура.