Рати Брегаӡе  - Арҭ ауаа азал аҟынтә ибналаны ицоит, избанзар  ахшыҩдаратә, ахьымӡгаратә перфоманс ада уаҳа ирҳәаша акгьы рымам
Рати Брегаӡе  - Арҭ ауаа азал аҟынтә ибналаны ицоит, избанзар  ахшыҩдаратә, ахьымӡгаратә перфоманс ада уаҳа ирҳәаша акгьы рымам

«Аиашаз, уи парадоксуп  —   «Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә арҭ ауаа  азал аҟынтә ибналаны ицоит, избанзар  ахшыҩдаратә, ахьымӡгаратә перфоманс ада уаҳа ирҳәаша акгьы рымам, — иҳәеит аиустициа аминистр Рати Брегаӡе апарламент апленартә аилатәараҿы данықәгылоз.

Аминистр ишиҳәаз ала,  идәылҵны ицаз адепутатцәа Қырҭтәыла аинтересқәа ирҿагыланы аус руеит.

«Страсбургтәи аӡбарҭа астатистика  – атәыла аҩныҵҟа имҩаҧысуа ареформақәа ахәшьара рыҭаразы иреиҕьу аиндикаторуп. Иахьазы Қырҭтәыла иаҿагыланы  138 аусқәа мацара ирыхәаҧшуеит. Аҭоурых ҳхамшҭырц азыҳәан аиҿарҧшра ҟаҳҵароуп. 2011-2012 шықәсқәа рзы Страсбургтәи аӡбарҭаҿы Қырҭтәыла иаҿагыланы иалаҵаз  3000 инаркны  4000 аҟынӡа аусқәа ирыхәаҧшуан, уи алагьы иубарҭоуп усҟан ҳтәылаҿы ауаа рзинтә ҭагылазаашьа зеиҧшраз.  Аиашаз, уи парадоксуп  — —   «Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә арҭ ауаа  азал аҟынтә ибналаны ицоит, избанзар  ахшыҩдаратә, ахьымӡгаратә перфоманс ада уаҳа ирҳәаша акгьы рымам.  Ажурналистцәа иҭацәу аҭыҧқәа шәдырбар рылшоит. Дара атәыла бзиа ирбоушәа иҟаҵаны,  реалра Қырҭтәыла аинтересқәа ирҿагыланы аус руеит», — иҳәеит Рати Брегаӡе.

Иахьа афракциа  «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа,  апротест ҟаҵаны,  апарламент апленартә аилатәара аанрыжьит.