Қырҭтәылеи Ҟатари рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиҿцәажәарақәа иалагоит
Қырҭтәылеи Ҟатари рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиҿцәажәарақәа иалагоит

Қырҭтәылеи Ҟатари рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиҿцәажәарақәа иалагоит.

Қырҭтәыла актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, ари аӡбара рыдыркылеит Ҟатар ахәаахәҭреи ааглыхыреи рзы аминистр, ашеих Феисал бин Тани Аль Тани иареи реиҧылараан.

Аекономика аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, ари аиҧылара мҩаҧган Леван Давиҭашвили Ҟатар ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аиҧылараҿы 2 тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ирыҵанакуа азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит, урҭ иреиун аинвестициақәеи, аенертегикеи, атуризми, атранспорти, акоммуникациақәеи аусхкқәа рҿы аусеицурагьы.

«Аиҧылараҿы ишыҳаӡбаз ала, ҳтәылақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа зегьы нагӡатәуп, уи азыҳәан аформат ҷыда еиҿкаахоит.  Ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбааразы шықәсык иалагӡаны 2 ганктәи авизитқәа мҩаҧгахоит.  Иара убас, зҵакы дуу даҽа аӡбарак ҳадаҳкылеит, Қырҭтәылеи Ҟатари рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиҿцәажәарақәа иалагоит. Уи хазы еиҿкаахо форматуп», — иҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр.

Левана Давиҭашвили иҳәамҭала, ари азҵааразы аиҿцәажәара сынтәаҵәҟьа иалагар ҟалап,  Абырфынтә мҩа  5-тәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари афорум Қарҭ имҩаҧысуеит жьҭаара  22–23 рзы.