Қырҭтәылеи Казахстани рҧыза-министрцәа Казахстантәи аихамҩа аофисаҿ иҟан 
Қырҭтәылеи Казахстани рҧыза-министрцәа Казахстантәи аихамҩа аофисаҿ иҟан 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Казахстантәи ареспублика аҧыза-министр Олжас Бектенов дицны, Казахстантәи аихамҩа аофис даҭааит.  Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа дырҧылеит „Казахстантәи аихамҩа“ анапхгара ахантәаҩы Нурлан Сауранбаев.  

Иракли Кобахиӡе Казахстантәи аихамҩа аофис ибан, аилахәыра ахаҭарнакцәа имҩаҧыргаз аӡыргара дазыӡырҩит. 2024 шықәсазы Қырҭтәылеи Казахстани рыбжьара аихамҩатә аидараеиҭарсра арбага зеиҧшҟамлац ала идуун, – 2,74 миллион атонна иаҟаран.  

Иара убас, ҩ-тәылак рнапы зҵарҩыз Абжьаратә корридор арҿиара иазку амҩатә хсаала ала иазҧхьагәаҭоуп  атранспорттә инфраструктура аиҕьтәреи, апроцессқәа роптимизациеи, акорридор аҧхьаӡацтәреи, уадзыҧхьалаша аратифтә политика аиқәыршәареи азыҳәан 2027 шықәсанӡа аконкреттә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара. Казахстани, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи реихамҩақәа ирыбжьарҵаз иҭбаау аиқәшаҳаҭра ашьаҭала, Қырҭтәыла атранзиттә корридор арҕәҕәареи Абжьаратә корридорла аконтеинертә аидарақәа рымҩангара аҭаӡара аизырҳареи ахырхарҭала активла аусура иаҿуп.  

Акциатә уаажәларра Казахстантәи аихамҩа Казахстантәи ареспубликаҿ зегьы реиҳа ирацәаны ауааҧсыра аусурҭала еиқәзыршәо еилахәыроуп, аихамҩаҿ аус руеит 120 нызқьҩык иреиҳаны. Аилахәыра иамоуп  46 800 аидаратә вагонқәеи,  1 700 алокомотивқәеи,  2 300 апассаџьыртә вагонқәеи.