Қырҭтәылеи Бырзентәылеи реизгақәа рматч азы абилеҭқәа зегьы рҭихьеит #1TVSPORT
Қырҭтәылеи Бырзентәылеи реизгақәа рматч азы абилеҭқәа зегьы рҭихьеит #1TVSPORT

Евро  2024 аквалификациатә етап плеи-офф афиналаҿ Қырҭтәылеи Бырзентәылеи реизгақәа рматч азы абилеҭқәа зегьы рҭихьеит  – ари аинформациа аланарҵәеит Ашьапылампыла азы афедерациа апрессмаҵзура.

Абилеҭқәа рыҭира иалагеит хәажәкыра  23 асааҭ  12:00 рзы, 5 сааҭк рыла абилеҭқәа зегьы рҭиит. Абилеҭқәа Бырзентәылагьы ирҭиуан.

Евро  2024 аквалификациатә етап плеи-офф афиналаҿ Қырҭтәылеи Бырзентәылеи реизгақәа рматч мҩаҧысуеит хәажәкыра  26 рзы,  „Динамо Аренаҿ“ , аматч иалагоит асааҭ  21:00 рзы, ишиашо ицо арепортаж шәыдаргалоит Қырҭтәыла Актәи аканали Қырҭтәыла арадиои.