Қырҭтәыла жьҭаара 11 алахьеиқәҵаратә мшуп
Қырҭтәыла жьҭаара 11 алахьеиқәҵаратә мшуп

Қырҭтәыла жьҭаара 11 алахьеиқәҵаратә мшуп. Ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

“Ари атрагедиа ду иалаӡыз руацәеи рҭынхацәеи гәалсра дула срыдашшылоит.

Исыдыскылаз аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла жьҭаара 11 алахьеиқәҵаратә мшуп.

Аԥхасҭа заузауааԥсыра аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара роуеит.

Ахара зду ахаҿқәа зегьы  азакәан инақәыршәаны рықәнаго рықәҵахоит.

Аҩнуҵҟтәи аусқәа рминистра хҩык ааныркылахьеит, аусԥшаара нагӡахоит,”- иҩит Иракли Ӷарибашвили асоциалтә каҭаҿы.