Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа уаҵәы Берлин еиԥылоит
Уаҵәы, лаҵара 10 рзы, Берлин ақалақь аҿы Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа русуратә еиԥылара мҩаԥгхоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, аиԥылара ааиртуеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.
„Аусуратә аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, лахәыла-тәылақәа рҟны ҩганкалатәии ганрацәалатәи аусеицура азҵаарақәеи, Қырҭтәыла евроигтеграциа апроцесс анагӡареи, 12 рекомендациа римплементациа апроцесси, евроинтеграциа амҩаҿ алахәыла-тәылақәа рыдгылареи арҭбаара аполитика аҳәақәа ирҭагӡаны атәыла аиуз алщара ҿыцқәеи ирыхәаԥшуеит. Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҿы Қырҭтәыла адипмиссиақәа рнапхгаҩцәа реиԥылара Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәеи Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацентртә аппарат ахаҭарнакцәеи иалахәуп”, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.