Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ агәра ганы дыҟоуп атәыла анапхгареи аоппозициеи ишеиқәшаҳаҭхо
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ агәра ганы дыҟоуп атәыла анапхгареи аоппозициеи ишеиқәшаҳаҭхо

«Сара макьана гәыкала агәра згоит аганқәа ишеиқәшаҳаҭхо», —  иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиус анеиҭоз. Иара атәыла анапхгареи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәаратә процесс далацәажәеит.

«Ҳара мчыбжьык аҟара аамҭа ҳамоуп. Сара уажәгьы гәыкала агәра згоит атәыла анапхгареи аоппозициеи ишеиқәшаҳаҭхо.  Абри азҵаароуп уажәазы ҳзызхәыцша, ақәҿиара алацәажәара заацәоуп. Сареи ари апроцесс  егьырҭ алахәылацәеи  ирацәаны аус аауеит аганқәа излауа ала ирласны еиқәшаҳаҭхарц азыҳәан. Ари ахықәкы  анагӡара ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Ҳарцель.