Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа даҽа ҩышықәса азинмчы амазаауеит
Амиссиа аофициалтә саит ишану ала, ҧхынҷкәын 3 рзы Евроеидгыла Ахеилак аӡбара аднакылеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа амандат 2022 шықәса ҧхынҷкәын 14нӡа анагӡаразы. Абри аамҭа иалагӡаны, амиссиазы иазҧхьагәаҭоуп 44,8 миллион евро афинансыркра.
Қырҭтәыла иҟоу Европатәи Ахеилак Анаҧшцәа Рмиссиа (МНЕС) — атәылауаҩратә миссиоуп, атәылаҿы уи аусура иалагеит 2008 шықәса ҧхынҷкәын азы, нанҳәатәи аибашьра анеҩс Урыстәылеи Қырҭтәылеи аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵа ашьҭахь. Амиссиа хықәкыс иамоуп аганқәа рыбжьара аизаҟызаашьақәа рҭышәынтәалареи рҭыҧқәҵареи ацхраара.