Қырҭтәыла иҟоу  Евроеидгыла Анаҧшцәа  Рмиссиа анапхгаҩы ҿыц  Беттина Бугани  лнапынҵақәа рынагӡара далагеит
Қырҭтәыла иҟоу  Евроеидгыла Анаҧшцәа  Рмиссиа анапхгаҩы ҿыц  Беттина Бугани  лнапынҵақәа рынагӡара далагеит

Қырҭтәыла иҟоу  Евроеидгыла Анаҧшцәа  Рмиссиа анапхгаҩы ҿыц  Беттина Бугани  лнапынҵақәа рынагӡара далагеит.

Лара Қарҭ даҭааит мшаҧы  6 рзы.

«Евроеидгыла Анаҧшцәа  Рмиссиа анапхгаҩы лаҳасабала аусура алагара сеигәырҕьоит.   35 шықәсатәи скариера аан  еснагь хықәкыс  исыман ашәарҭадареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи аиқәыршәара.

Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи аиқәыршәара аус аҿгьы алагала ҟасҵап ҳәа сгәыҕуеит. Аимак амшала азарала зауз ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи аганқәа рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылара ацхраареи сҽазыскуеит», — илҳәеит Амиссиа анапхгаҩы Қырҭтәыла данааи.

Аинрал-маиор Беттина Патрисиа Бугани жәларбжьаратәи амиссиақәа рҿы аусура аҧышәара ду лымоуп. Уаанӡа лара  аус луан аимакқәа рҽацәыхьчареи,    абжьацәажәареи,  аҭынчра адгылареи азҵаарақәа рзы МИНУСМА аполициа акомиссар лаҳасабала (Мали иҟаз  аҭышәынтәаларазы ЕАР акомплекстә  амиссиа).