Қырҭтәыла иаҭааит ЕАР аҿы еиуеиҧшым атәылақәа еснагьтәи рхаҭарнакцәа
Қырҭтәыла иаҭааит ЕАР аҿы еиуеиҧшым атәылақәа еснагьтәи рхаҭарнакцәа

Мшаҧы  30 инаркны лаҵара  5-нӡа визитла Қырҭтәыла иҟазаауеит  ЕАР аҿы еиуеиҧшым атәылақәа еснагьтәи рхаҭарнакцәа.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала,  адипломатцәа идикылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.  Иформалымыз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла адәныҟатәи  аполитикеи,  атәылаҿ имҩаҧысуа ареформақәеи,  ЕАР иалоу атәылақәа рҟны аусеицуреи иалацәажәеит.

«Визитла Қырҭтәыла иаҭааиз ацҳаражәҳәаҩцәа  Қырҭтәыла азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәа ирҧылоит. Аиҧыларақәа раан аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аекономикеи аусхкқәа рҿы имҩаҧгоу ареформақәа ирылацәажәоит.

Иара убас,  адипломатцәа,  ахҵәацәа еилаҵәаны иахьеицынхо аҳабла Ҵеровани иаҭаауеит,  анеҩс,  ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу ақыҭа Оӡиси инеиуеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ацҳаражәҳәаҩцәа Баҭымҟа инеины,  Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра ахаҭарнакцәа ирҧылоит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.