Франциа ахада Еммануель Макрон Қырҭтәыла Франциа ацҳаражҳәаҩ ҿыцс дҟаиҵеит Оливие Курто.
Макрон иашьашәалоу ақәҵара инапы аҵаиҩит нанҳәа 7 рзы.
Уаанӡа Оливие Курто администратор хада иҭыԥ ааникылон.
Франциатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Оливие Курто Лиссабон иҟоу Франциа ацҳаражәҳәараҿ актәи маӡаныҟәгаҩс аус иуан. 2005-2009 шш. рзы Атәылахьчара аминистрраҿ Европа азҵаарақәа рзы абжьагаҩс, иара убас Адәныҟатәи ашәарҭадаразы адиректор хада иштаб аиҳабыс аус иуан.
Оливие Курто ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ Шераз Гасри лцынхәрас ааникылоит.