Қырҭтәыла Дубаи имҩаҧысуа жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа иалахәып  

Қырҭтәыла аекономика аминистрра иаҵанакәа Атуризм амилаҭтә агентра Араҧтәи Емиратқәа рҿы имҩаҧысуа жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа  ATM Dubai иалахәып.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа рыла,  агентра инаваргыланы,  ацәыргақәҵа иалахәып Аҷара атуризми акурортқәеи рзы адепартаменти,  атуристтә еилахәырақәеи: WST Georgia, Guide of Georgia, Georgian Holidays, Voyager, Travel to Georgia 2010, Arrival DMC.

«Амилаҭтә администрациа ахаҭарнакцәа Персиатәи аӡыбжьахала атәылақәа  иреиҕьу ртуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

Иеиду Араҧтәи Емиратқәа  — Қырҭтәылазы ахықәкытә туристтә џьармыкьоуп. Зыӡбахәы ҳәоу ацәыргақәҵа алахәызаара абзоурала,  Қырҭтәыла аарҧшызаауеит уадзыҧхьало,  ишәарҭам атуристтә хырхарҭа ҳасабала», — иануп Атуризм амилаҭтә администрациа аинформациаҿы.

2019 шықәсазы Дубаи имҩаҧгаз жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵара иалахәын  2500 еиҳаны жәларбжьаратәи аилахәырақәа  150 ҳәынҭқарра рҟынтә,  ацәыргақәҵа иаҭааит  40 нызқьҩык раҟара асасцәа.