Қырҭтәыла даҭаауеит Шарль Мишель ихаҭарнак ҷыда, уи Евроеидгыла адгыларала имҩаԥысуа адиалог ихы алаирхуеит
Қырҭтәыла даҭаауеит Шарль Мишель ихаҭарнак ҷыда, уи Евроеидгыла адгыларала имҩаԥысуа адиалог ихы алаирхуеит

Қырҭтәыла даҭаауеит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ихаҭарнак ҷыда, уи Евроеидгыла адгыларала имҩаԥысуа адиалог ихы алаирхуеит. Ари иануп Европатәи ахеилак аперссрелиз аҿы.

Кристиан Даниелсон Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ихаҭарнак  ҷыда амандат ианаишьеит, ари дақәшаҳаҭхеит иреиҳаӡоу еврокомиссар Жозеф Борели.

Европатәи ахеилак аҳәамҭаҿ ишану ала, Кристиан Даниелсон хара имгакуа Қырҭтәыла ддәықәланы, адиалог аҽалархәра зҭаху аганқәа дырԥылоит. Кристиан Даниелсони Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели атәылаҿ иҟоу аполитикатә кризис аҭышәныртәаларазы аус еицыруоит.

Кристиан Даниелсон Швециа Еврокомиссиа ахаҭарнакра дахагылоуп, уаанӡа Швециа еснагьтәи хаҭарнакыс аус иуан. 2011 шықәсазы Европатәи акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан, 2013 шықәсазы  – арҭбаара азҵаарақәа рзы адиректор хадас, 2015 шықәса инаркны агәыларатә политикеи арҭбаареи рзы аусқәа рмаҵзура адиректор хадас.