"Лело" анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, зыԥшра ҟамҵакуа адиалог иалагарц
"Лело" анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, зыԥшра ҟамҵакуа адиалог иалагарц

“Лело” анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, зыԥшра ҟамҵакуа адиалог иалагарц. Ари атәы азгәаҭоуп апартиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

„Аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рышьҭахь атәылаҿ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахада Саакашвили имлашьра афонаҿы есымша иаҳа-иаҳа цәгьахоит.  Еиҿагылоу ауааԥсыраҿ аемоциақәа ӷәӷәахоит, артҟәацтә ҭагылазаашьа ҳамоуп. Апроцесс ахаоси атәылауаҩратә аиҿагылареи ирхылҵыр ҟалоит.

Абри еиԥш аҭагылазаашьаҿ, аполитикатәи аперсоналтәи аиԥшымрақәеи ирыхәамԥшыкәа, ақырҭуа жәлари ҳаԥсадгьыли ринтересқәа ирзыԥхьагәаҭаны, аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы ашьаҿақәа еицыҟаҳҵароуп.

“Лело” анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, аҭагылазаашьа адеескалациазы зыԥшра ҟамҵакуа адиалог иалагарц,” – иануп “Лело” апрессмаҵзура аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.