Қырҭтәыла Азиа аҿиара абанк 2024 шықәсатәи аиԥылара ахьымҩаԥысуа аԥшәма-тәыла астатус аофициалла аиуит
Қырҭтәыла Азиа аҿиара абанк ( ADB) 2024 шықәсатәи аиԥылара ахьымҩаԥысуа аԥшәма-тәыла астатус аофициалла аиуит. Аиԥылара Қарҭ, 2024 шықәса лаҵара 2-5 рзы мҩаԥгахоит.
Иахьа инаркны, Қырҭтәыла Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили шықсык иалагӡаны Азиа аҿиара абанк анапхгаратә хеилак дахагылоит.
2024 шықәсатәи аиԥылара ахьымҩаԥысуа аԥшәма-тәыла аҳасабла, Қырҭтәыла апопулиаризациа азы еиҿкаан астенд ҷыда.
Лаҵара 5 рзы имҩаԥысуеит аофициалтәи акультуратәи уснагӡатәқәа, уа Қырҭтәыла Азиа аҿиара абанк ( ADB) 57-тәи аиԥылара ахьымҩаԥысуа аԥшәма-тәылас ахьӡырҵоит.