Қырҭтәыла ахашәалахқәа рзы амаҵзура – Урыстәыла Қырҭтәыла ацхыраарала иџьбароу асанкциақәа ирыцәцоит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа – мцуп
Қырҭтәыла ахашәалахқәа рзы амаҵзураҿы ишырҳәаз ала, асанкциақәа рхархәара иазку даҽа информациак аларҵәара аиуит. Ахашәалахәқәа рзы амаҵзура аҳәамҭаҿы амедиахархәагақәа руакы аҭыхымҭа иалацәажәоит. Ари аҭыхымҭаҿы ирҳәеит Урыстәыла атәылауаа, азакәан еилаганы, автомашьынақәа рымхра апроблема уадаҩрада ирыӡбоушәа, Урыстәыла Қырҭтәыла ахархәарала асанкциақәа ирывсуашәа зыршаҳаҭуа аҵабыргыгақәа рымоушәа.
«Ҳара, аҭакҧхықәра наӡа ҳхы иадҵаны, иааҧҵәаны иаҳҳәоит Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа рхархәара апроцедурақәа зегьы шынанагӡо, абарҭ апроцедурақәа реилагара зыршаҳаҭуа факткгьы иҟам.
Афинансқәа рминистрра Ахашәалахәқәа рзы амаҵзура, аинформациа аларҵәара иҳаракӡоу астнадартқәа ирышьашәаланы, амедиахархәагақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит ари амаҵзуреи атәылеи рдискредитациа зхылҵуа имцырку аинформациа иаладмырҵәарц», — иануп Ахашәалахәқәа рзы амаҵзура аҳәамҭаҿы.