Қырҭтәыла ахада Страсбург ахь лвизит аԥыхуп
Қырҭтәыла ахада Страсбург ахь лвизит аԥыхуп

Страсбург, мшаԥы 18 рзы имҩаԥысран иҟаз Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лвизит аԥыхуп. Ари атәы аарыцҳаит ахада ладминистрациа аҟынтә. Амзыз идырым.

Иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла ахада Европарламент аԥхьа дықәгылар акәын.

Хәажәкыра 31 рзы, есышықәсатәи аҳасабырба ала апарламент аҿы аққәгылараан, Саломе Зурабишвили ишаалыцҳаз, Европарламень ахада иҟынтә ааԥхьара лоуит.