Қырҭтәыла авиџьармыкьаҿ ицәырҵит Air China
Қырҭтәыла авиџьармыкьаҿ ицәырҵит Air China

Қырҭтәыла авиџьармыкьаҿ ицәырҵит китаитәи авиаеилахәыра Air China, – аарцыҳаит Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинфоромациала, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазахь актәи ареис Урумч аҟынтә BOENG 737-800-ла нагӡан, аҳаирпланла Қырҭтәыла иаҭааит 98-ҩык апассаџьырцәа. Қарҭынтә Китаи ахырхарҭала дәықәлеит 121-ҩык.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазахь актәи апассаџьырцәеи авиаеилахәыра ахаҭарнакцәеи рзы  TAV Georgia аԥылара чыда мҩаԥнагеит.

Ҩтәылак рыбжьара авизадатә неиааира ашьақәыргылара ашьҭахь, китаитәи авиаеилахәырақәа Қырҭтәыла аганахьала аинтерс аадырԥшуеит.

Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара адыррақәарыла, 2024 шықәса ажьырныҳәа-цәыббразы Китаи аҟынтә ишиашоу ареисқәа рыла Қырҭтәла иаҭааит 66485-ҩык атуристцәа.