Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы Бриуссель имҩаҧысуаз НАТО Арратә комитет аилатәара ихы алаирхәит
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы Бриуссель имҩаҧысуаз НАТО Арратә комитет аилатәара ихы алаирхәит

 

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы Бриуссель  дыҟан. Аинрал-маиор Гьаргь Матиашвилии ақырҭуа делегациа алахәылацәеи Бриуссель  имҩаҧысуаз НАТО Арратә комитет аилатәара рхы аладырхәит. Аилатәара дахантәаҩын Арратә комитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауер.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аинрал-маиор Гьаргь Матиашвили адмирал Роб Бауер ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  Қырҭтәылеи НАТОи русеицура арҭбаараҿы  иҟаиҵаз алагала ду азыҳәан. Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы НАТО Арратә комитет ахантәаҩы ҿыц  Каво Драгонес диҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа наҟ-наҟ Қырҭтәылеи НАТОи русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.

НАТО аштаб-уадаҿы  Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы аҳәаанырцәтәи иколлегацәа дырҧылеит. Арҭ аиҧыларақәа раан   аусеицура азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи  ирылацәажәеит.