Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Азербаиџьан дыҟоуп. Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, Бақәа ақырҭуа министр азербаиџьантәи иколлега, аинрал-полковник Закир Гасанов диҧылеит.
«Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Закир Гасанов ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.
Аиҧылараан аминистрцәа арегионалтә шәарҭадареи ари аганахьала адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит ҩ-ганктәии аганрацәалатәи жәларбжьаратәи аусеицура арҕәҕәара ахымҧадара. Лымкаала, аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала иазааҭгылеит амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа рҿы азербаиџьартәи аруаа рылахәызаара аҵаки арратә аҵара аусхкы аҿы аусеицура арҭбаареи.
Анеҩс, Джуаншер Бурҷуладзеи аинрал-полковник Закир Гасанови 2022 шықәсазы ҩ-ганктәи арратә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит», — иануп Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.