Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Талиашвили ЕАШ ахада Дональд Трамп  агәраргагатә шәҟәы илҭеит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Талиашвили ЕАШ ахада Дональд Трамп агәраргагатә шәҟәы илҭеит

Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Талиашвили ЕАШ ахада Дональд Трамп агәраргагатә шәҟәы илҭеит.

ЕАШ Ахада Дональд Трамп ҿыц иҟаҵоу ацҳаражәҳәаҩ лусзураҿ ақәҿиарақәа илзеиӷьаишьеит.

“Иахьа ақырҭуа-америкатәи реизыҟазаашьақәа рҿы акыр зҵазкуа мшын. ЕАШ ахада Дональд Трамп агәраргагатә шәҟәы исҭеит. Иара убас, Қырҭтәыла анаԥхгареи, ақырҭуа жәлари, аԥыза-министри, Қырҭтәыла Ахадеи ирзеиӷьашьарақәа, рыдныҳәаларақәа, иара убас акрызҵазкуа аацҳамҭақәа идысгалеит. Қырҭтәыла анапхгара ҳаизыҟазаашьақәа рҿы адаҟьа ҿыц аартра иазхиоуп, ари аҩганк рзы ихырҳагахоит, хықәкыс амазаауеит ҳусеицура арӷәӷәара.

Аиԥылараҿы ҳара алшара ҳауит Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, ԥхьаҟатәи ҳпланқәеи ҳусеицуреи рыӷәӷәареи, ԥхьаҟатәи ҳусеицуреи рзы мҩақәҵагас иҟало аусуратә плани рылацәажәара“, – илҳәеит Ҭамар Талиашвили аиԥылра ашьҭахь.