Қырҭтәыла "Астразенека" алаҵа хәажәкыра 13 рзы иаиуеит
Қырҭтәыла "Астразенека" алаҵа хәажәкыра 13 рзы иаиуеит

Асабша инаркны Қырҭтәыла “Астразенека” алаҵа аиуеит, – илҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе иахьа имҩаԥгаз абричинг ҷыда аҿы.

“Акоронавирус азы алаҵа Қырҭтәыла ҳазҭагылоу амчыбжь азы, асабшаҽны, хәажәкыра 13 рзы аиуеит,” – илҳәеит Тикараӡе.

Аминистр лажәақәа рыла, актәи аетап аҿы атәыла 43200 доза аиуеит.