Қырҭтәыла «Астразенека» алаҵа рзыҟарҵоит 45 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа
Қырҭтәыла «Астразенека» алаҵа рзыҟарҵоит 45 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа

Қырҭтәыла «Астразенека» алаҵа рзыҟарҵоит 45 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа. Ари атәы аалыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа.

«Аекспертцәа рхеилак аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла «Астразенека» алаҵа рзыҟарҵоит 45 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа. Уаҵәы, асааҭ 20:00 инаркны 55 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа макьана акәымкуа,«Астразенека» алаҵазы аҭаҩра рылшахоит 45 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаагьы, » – илҳәеит Габуниа.

Уаанӡа, Қырҭтәыла «Астразенека» алаҵа рзыҟарҵон 55 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа.