Қырҭтәыла Румыниантә 10 000 доза алаҵа "Астразенека" аиуеит

Қырҭтәыла Румыниантә 10 000 доза алаҵа “Астразенека” аиуеит. Ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла иуҟоу Румыниа ацҳаражәҳәаҩ Разван Ротунду.

“2021 шықәса ԥхынгәа 8 рзы Румыниа аиҳабыра рыӡбеит Қырҭтәылахь ирышьҭырц 10 000 адоза  алаҵа “Астразенека”. Ари хара имгакәа ҟалоит,” – иҩит Твиттер аҿы ацҳаражәҳәаҩ.