Иунисеф -  Қырҭтәыла "Астразенека" алаҵа ианбаарго шьыбжьышьҭахь еилкаахоит
Иунисеф - Қырҭтәыла "Астразенека" алаҵа ианбаарго шьыбжьышьҭахь еилкаахоит

Қырҭтәыла “Астразенека” алаҵа 43 000 адозақәа ианбаарго шьыбжьышьҭахь еилкаахоит, – ари атәы Қырҭтәыла Актәи аканал ахь ааицҳаит ЕАР ахәыҷқәа рфонд Иунисеф агәабзиарахьчара аспециалист Ҭако Угулава. Угулава лажәақәа рыла, апроблема алаҵаа ааглыхҩы идҳәалоуп.Иҟаз адыррақәа рыла, алаҵа рашәара 22 рзы ааргар акәын, аха аилахәыра ари ианаамҭаз аҟаҵара алымшеит.

Иацы Ареспубликатәи ахәышәтәырҭаҿ “Астразенека” алаҵа  аҟаҵара апроцесс аамҭала аанкылан.