Қырҭтәыла ақыҭақәа рҿы авакцинациа апрограмма мҩаҧысуеит. Агәабзирахьчара аминистрра аинициативала, атәыла ақыҭақәа зегьы рҿы 50 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра авакцинациа иахысыр рылшоит.
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Имереҭи арегион ауааҧсыра апроект рхы иадырхәахьеит.
«Акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, араион ахадара Усахелои Береҭисии ақыҭақәа ирықәынхо ауааҧсыра Ҷиатура иҟоу алаҵаратә пункт аҟынӡа рымҩангара еиқәдыршәеит.
Харагаультәи амуниципалитет аҿы ақыҭауаа аҭыҧаҿы алаҵақәа рзыҟарҵеит. Ауааҧсыра рыхәҭак актәи адоза ҟарҵеит, егьи рыхәҭа — абустертә доза.
Акампаниеи уи амҩаҧгара иацхраауа егьырҭ ауснагӡатәқәеи рӡыргара амзызла, еиуеиҧшым арегионқәа рҿы ауааҧсыра рҟны аиҧыларақәа амҩаҧысуеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбрала, актәи адоза ҟазҵо ауааҧсыра 200 лари роуеит, абустертә доза ҟазҵо – 100 лари. Апрограмма нагӡахоит жәабран анҵәамҭанӡа», — иануп Агәабзирахьчара аминистрра адырраҿы.